Ахада Алада Уаԥстәыла ажәлар ирыдиныҳәалеит ареспублика 30 шықәса ахыҵра

Ахада Алада Уаԥстәыла ажәлар ирыдиныҳәалеит ареспублика 30 шықәса ахыҵра

Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба напхгара зиҭоз Аԥсны аофициалтә делегациа Алада Уаԥстәыла ашьақәгылара 30 шықәса ахыҵра азгәаҭара инамаданы имҩаҧысуаз аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа ирылахәуп.

Иахьа ашьыжь аԥсуа делегациа Алада Уаҧстәыла Ахада Анатоли Бибилов иԥылеит.  

Бадра Гәынба Аҧсны Ахада ихьӡала Анатоли Бибилов  дидныҳәалеит, ауаҧс жәлар аҭынчреи аизҳазыҕьареи рзеиҕьашьаны. «Ҳара ҳзы гәахәароуп  шәреспубликҟны аҟазаара,  ҳашьцәа ауаҧсаа рзы акрызҵазку аныҳәа рыцаҧылара.

Шәаргьы ҳаргьы ахақәиҭрахь инагаз амҩа ҳаицанысит, ҳҳәынҭқаррақәеи ҳажәларқәа реизҳазыӷьареи рыҿиареи рымҩа», - иҳәеит аиҧылараҟны Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ.
Бадра Гәынба Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала Алада Уаҧстәыла Ахадеи егьырҭ ареспублика анапхгаҩцәеи Аҧсныҟа ааԥхьара риҭеит.
Аԥсны атәылахьчара аминистрра аҟнытә архәҭак Алада Уаԥстәыла аԥҵара 30 шықәса ахыҵра инамаданы Цхьынвал ақалақь аҿы имҩаԥысуаз апарадтә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит.

Аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаҧысит ареспублика аиубилеи иазкыз аныҳәатә еилатәара. Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба даԥхьеит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Алада Уаԥстәыла ажәлар ирзикыз адныҳәалара.


Возврат к списку