19.09.2020
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны иқәынхо ауриацәа Рош ха-Шана аныҳәамш рыдиныҳәалеит.
Ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҟны иҳәоуп:
Ҳтәылауаа, ауриацәа зегьы ирыдысныҳәалоит ашықәс ҿыци иреиҕьу агәыҕрақәеи символра рзызуа Рош ха-Шана аныҳәамш.
Аҧсны иқәынхо ауриацәа ҳҳәынҭқарра аҿиараҟны злагаламҭа ыҟоу, иналукааша ауаа злыҵыз, есқьынгьы ахандеира злоу, аӡәыкны еидгылоу уаажәларран.
Иахьа ари ауаажәларра хыҧхьаӡарала ирацәамзаргьы, ргәацҧыҳәаны аус зуа, зҵасқәа иреиҷаҳаны иаазго, аҿиара иаҿу милаҭуп.
Аҧсны иқәынхо ауриацәа зегьы ирзеиҕьасшьоит аҭынчра, шәаргьы ҳаргьы иаҳзеиҧшу ҳаҧсадгьыл аизҳазыҕьараҟны аҳәоуеиқәшәара.