19.09.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ахысырҭа «Ҵабал» аҟны имҩаҧысуаз астратегиатә дҵаҟаҵара-штабтә ҽазыҟаҵарақәа «Кавказ-2020» алахәцәа рҳәынҭқарратә бираҟқәа рышьҭыхра иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатә далахәын.
Астратегиатә дҵаҟаҵара-штабтә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны арратә тактикатә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит цәыббрамза 21 инаркны цәыббрамза 26 –нӡа. Ара аус рыдулахоит жәларбжьаратәи атерроризм аҿагылараҟны аҳасабтәқәа рыӡбараан амотохысратә архәҭақәа, авиациа, Аҳаирхьчара уҳәа рхархәара азҵаарақәа