Хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит иҟаиҵаз адкыларазы

Хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит иҟаиҵаз адкыларазы

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала ашәҟәқәа ааит Ҟабарда-Балкариатәи ауаажәларратә еиҿкаара “1992-1993 ш.ш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа» ахантәаҩы Тимур Шорданов, Адыгеиа Ареспублика Хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа реидгыла  ахантәаҩы Рамазан Сииухов, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәцәа Аҩада-Уаҧстәылатәи реиҿкаара «Барс» ахантәаҩы ин.н. Ельбрус Кусаев рыҟнытә.

Хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа реиҿкаара анапхгаҩцәа аҳәынҭқарра ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит 2020 шықәса нанҳәамза 15 рзы Хатәгәаҧхаралатәи аибашьҩы Имш азгәаҭараан иҟаиҵаз адкыларазы.

«Хатәгәаҧхаралатәи аибашьҩы Имшныҳәа амҩаҧгара аҩаӡареи уи аиҿкаара бзиа иаҭази даара агәахәара ҳнаҭеит. Аҧсны Аҳәынҭқарра ҳара ахаангьы гәаартыла ҳаднакылон, аха ҳахьӡала имҩаҧгаз аныҳәа иџьаушьартә еиҧш еиҿкаан, ари ҳгәы ҟанаҵеит», - иазгәаҭоуп Ҟабарда-Балкариатәи хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа руаажәларратә еиҿкаара ахантәаҩы Тимур Шорданов ишәҟәы аҟны.

«Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит иҟашәҵаз адкылара. Даҽазныкгьы агәра ҳшәыргеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ҳаргьы ишҳаҧсадгьылу», - иҩуеит Адыгеиа Ареспублика Хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа реидгыла ахантәаҩы Рамазан Сиухов.

«Ари амш ҳара ҳзы баша рыцхәны иҟаӡам. Гәык-ҧсыкала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа рызҵаара иашәҭо азҿлымҳаразы, иахьа иҟашәҵо азгьы»,- аҳәоит Аҩада-Уаҧстәылатәи хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа реиҿкаара «Барс» анапхгаҩы Ельбрус Кусаев ишәҟәы.


Возврат к списку