Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аҧсны жәлар Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш рыдиныҳәалеит

26.08.2020

Ахада Аҧсны жәлар Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш рыдиныҳәалеит

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш рыдиныҳәалеит :

  Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар!

Ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш!

Ари аныҳәа Аҧсуа ҳәынҭқарразы зегь раасҭа акрызҵазкуа аныҳәақәа ируакуп!

12 шықәса раҧхьа инаӡеит ихьыҧшым аҳәынҭқарра аргылара иазкыз аҧсуа жәлар шәышықәсалатәи ргәыҕра. Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Аҧсны аҳәынҭқарратә хьыҧшымра азхаҵара иахьатәи ҳҭоурых аҟны акырӡа зҵазкуа хҭысны иҟалеит. Ари ҳтәыла ашәарҭадара арҕәҕәеит, ҳажәлар  аҳәынҭқарра аргылара, асоциалтә-економикатә ҿиара уҳәа, аҳәынҭқарратә институтқәа рышьақәырҕәҕәаразы алшарақәа рнаҭеит.
  
Иахьатәи аныҳәамш аҽны ҳара ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Ҳаҧсадгьыл ахьыҧшымра зхы ақәызҵаз афырхацәа, ҳҧызацәа, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны ҳажәлар Аиааирахь иназгаз Владислав Арӡынба, Сергеи Багаҧшь, зыхьӡ жәларбжьаратәи азхаҵара иадҳәалоу.

Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар, зегьы ҳзы аҵак ду змоу абри амшныҳәазы ишәзеиҕьасшьарц сҭахуп аҭынчра, аҿиара, аизҳазыҕьара!

   Нагӡара ақәзааит Аҧсны Аҳәынҭқарра!


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org