15.08.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа нанҳәамза 15 рзы 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Кавказ Ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациа аштаб ахьыҟаз ахыбраҟны Хатәгәаҧхаралатәи аибашьҩы имш иазкны имҩаҧысыз амитинг далахәын.
Агәалашәаратә усмҩаҧгатәқәа ирылахәын Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гунба, аиҳабыреи ауаажәларреи рхаҭарнакцәа.
Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны Хатәгәаҧхаралатәи аибашьҩы имш азгәарҭоит 2012 шықәса нанҳәамза 15 инаркны.