13.08.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ҭелла аицәажәараан Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахада Мусса Егзакь Имшира идиныҳәалеит.
Еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩы, амеценат 56 шықәса ихыҵит.
Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҟны иазгәеиҭеит аҧсуа-абаза хылҵшьҭрақәа реидкылараҟны, аҳәаанырцәтәи адиаспора аимадарақәа рырҕәҕәара, аҧсуа бызшәеи акультуреи реиқәырхареи рырҿиареи рус аҟны ҷыдала ААК анапхгаҩы илшамҭақәа.
Аслан Бжьаниа Мусса Егзакь изеиҕьеишьеит агәабзиара, агәамч, аҧхьаҟагьы аҧсуа-абаза жәлар рыҿиареи реимадареи рус аҟны аихьӡарақәа.