Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Кәыбраа Б. С. Аҳәынҭқарратә мазара напхгараҭареи априватизациеи рзы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс иаҭаразы.
Аусҧҟа атекст аҟны иҳәоуп:
«Аҳәынҭқарратә мазара напхгараҭареи априватизациеи рзы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс даҭазааит Кәыбраа Беслан Сергеи-иҧа»