Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аҧсны жәлар Аҧсны Аҳәынҭқарра Абираҟ амш рыдиныҳәалеит

23.07.2020

Ахада Аҧсны жәлар Аҧсны Аҳәынҭқарра Абираҟ амш рыдиныҳәалеит

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

Ҳаҭыр ду зқәу Аҧсны жәлар!

Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит  Аҧсадгьыл азгәдуреи агәышьҭыхреи зцу аныҳәа-Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш!

Аҧсны жәлар ҳзы игәазырҳагоу аҳәынҭқарратә дыргақәа ихьыҧшым аҧсуа ҳәынҭқарра  иақәлоуп.  Жәлар рҧыза Владислав Арӡынба инапхгарала  Аҧсны Иреиҳаӡоу  Асовет 1992 шықәса  ҧхынгәымза 23 рзы ишьақәнарӷәӷәеит еицырдыруа аҧсуа сахьаҭыхҩы-апатриот Валери Гамгьиа  иаҧиҵаз аексизқәа рыла Аҳәынҭқарратә бираҟи Агерби.

Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҧсны ахьчаҩцәа ҳбираҟ  ҧшӡа ианықәны ахақәиҭраз ажәыларахь ицон, уи  Аиааира иасимволуп. Ҳҳәынҭқарратә бираҟ  дыргас ирымоуп ҳажәлар  рықәҿиарақәа.  Агәра ганы сыҟоуп, ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ иақәнагоу  аҭыҧ шылнахуа азы  жәларрыбжьаратәи аиҿкаара дуқәа рыҟны!

Нагӡара ақәзааит ҳаҧсадгьыл - Аҧсны, наунагӡа  иахашәыршәырлааит иҧшьоу аҧсуа бираҟ!

Шьардаамҭа Аҧсынра!

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

Аслан Бжьаниа


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org