Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аҧсны ашкол аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит

03.07.2020

Ахада Аҧсны ашкол аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит


  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2020 ш. Аҧсны ашкол аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит.



Акыр иаҧсоу ашкол аушьҭымҭацәа!

Иахьа акрызҵазкуа мшуп зегьы ҳзы, ихыркәшоуп ашколтә ҧсҭазаара. Традициа бзианы иҟалеит, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иреиҕьу аҵаҩцәа ҳрыдныҳәалоит. Жәытә-натә аахыс атәылаҟны изакәызаалак иреиҕьу хьыла, раӡныла иазгәаҳҭон. 1700-ҩык инареиҳаны аҵаҩцәа рахьтә 11-ҩык амедалқәа ранашьоуп.

Акыр иаҳзаҧсоу аушьҭымҭацәа, иахьа аҳамҭақәа шәанашьоуп ижәбаз аџьабаазы, аҟәыбҷаразы, ишәоуз адыррақәа рзы. Зегьы ҳгәы шәыладууп!

Иахьа аҧсҭазаара ду ашҟа шәшьапы еихыжәгеит. Шәаҧхьаҟа аҧеиҧш ду, аҧеиҧш бзиа шәзыҧшуп!

Агәра ҳгоит шәеиҳараҩык гәадурала астудентра ахьӡ аныҟәгара шшәылшо, игәазырҳагоу ахҭысқәа шәаҧхьаҟа ишышьҭоу, аха ашколтә ҧсҭазаара акы иаламҩашьо ахааназы шәгәалашәараҿы ишаанхо. Избанзар аброуп раҧхьаӡакәны ишәоуз аихьӡарақәа ишәырҭаз анасыҧ ахьышәнырыз, аброуп шәдунеихәаҧшреи шәгәаанагарақәеи рышьақәырҕәҕәара шәахьалагаз, ишәылоу арҿиаратә лшарақәа рхы ахьаадырҧшыхз.

Абри амҩаҟны шәааигәа иҟан ҿыц игыло абиҧарақәа аҵара дырҵара, рааӡара аус зыҧсҭазаара азызкыз шәырҵаҩцәа, шәааӡаҩцәа ҟәыҕақәа.

Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит аринахысгьы ақәҿиарақәа, ишәымоу аиааирақәа ирыцышәҵала, шеишықәса шәыгәҭак ду азааигәахаразы ишәылшо зегьы ҟашәҵала!

Мҩамш шәықәлааит, насыҧ ацзааит, илашазааит иалышәхыз аҧсҭазаара ҿыц!






Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

А. Бжьаниа


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org