Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Очамчыра араион администрациа ахада инапынҵақәа назыгӡо изы Аусҧҟа.
Аусҧҟа атекст аҟны иҳәоуп:
“Аҧсны Аҳәынҭқарра административтә-дгьылҵакыратә акрақәа рзы» Азакәан ахәҭаҷ 24 инақәыршәаны Очамчыра араион администрациа ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс даҭазааит Амыҷба Станислав Илиа-иҧа”.