Аслан Бжьаниа Аҧсны атәылауаа идикылеит


Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахьа ахатәы зҵаарақәа ирызкыз атәылауаа рҧылара мҩаҧигеит.

Ахада ишҟа ирхаз адҵааларақәа рыхәҭак асоциалтә проблемақәа рыӡбара, аспециалистцәа ҿарацәа усурҭа ҭыҧла реиқәыршәара, уҳәа егьырҭ ахатәы зҵаарақәа ирыдҳәалан.  

Иара убас адҵааларақәа рыҩныҵҟа иҟан ауаажәларратә ҵакы змоу ауснагӡатәқәа рыӡбара иазкыз ажәалагалақәагьы. Хықәкыла, урҭ агәабзиарахьчареи асоциалтә усхки робиектқәа   реиҭашьақәыргылара ацхыраара аҭара иадҳәалан.

Ахада дасу дыззыдҵаалаз азҵаарақәа рыӡбараҟны ацхыраара рыҭаразы ажәа риҭеит.  
Аслан Бжьани Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵура анааникыла ашьҭахь ари атәылауаа раҧхьатәи рҧылароуп.  


Возврат к списку