Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Гәылрыҧшь араион Администрациаҟны аусуратә еиҧылара мҩаҧигеит

15.05.2020

Ахада Гәылрыҧшь араион Администрациаҟны аусуратә еиҧылара мҩаҧигеит


Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыҧшь араион Администрациаҟны аусуратә еиҧылара мҩаҧигеит.

«Атәыла анапхгара иаднакылаз азыӡбала араион анапхгара иациҵоит уажәы аус зуа Администрациа ахада Аслан Бараҭелиа. Сгәы иаанагоит, Аслан Иури-иҧа, ҳәоуеиқәшәарала еиҿкаау араион ауааҧсыра реизҳазыҕьара иазку шәусура иацҵахоит ҳәа», – иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.
Ахада иаҵшьны иҳәеит Гәылрыҧшь араион милаҭрацәала еилоу раионны ишышьақәгылаз, аамҭақәа зегьы раан аиҩызареи аҳәоуеиқәшәареи еиднакылоз амилаҭқәа шықәынхоз.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит аекономикаҟны иҟоу ауадаҩрақәа ҳасаб рзуны, короновирус ачымазара ҿыкгьы убрахь иналаҵаны, атәыла анапхгара араион аҟны аграртә сектор арҿиара хықәкыс ишамоу.

Аҳәынҭқарра Ахада далацәажәеит атәылаҟны иҟоу асоциалтә-економикатә ҭагылазаашьа, дазааҭгылеит абри инамаданы аҳәынҭқарра ааигәатәи азҧхьагәаҭақәа.

Гәылрыҧшь араион Администрациа Ахада Аслан Бараҭелиа Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа еиҳәеит ииҭаз агәрагаразы. Иазгәеиҭеит, араион Администрациаҟны аус шыруа зраион згәы азыбылуа апрофессионалцәа.
0X0A8117.JPG

0X0A8136.JPG



Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org