Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Муса Шанибов иҧсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит

28.04.2020


Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ауаажәларра-политикатә усзуҩы, аҵарауаҩ, Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа Ахада, Аҧсны Афырхаҵа Муса (Иури) Магомед-иҧа Шанибов иҧсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит:

"Аҧсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сҟынтә гәалсрыла срыдышшылоит иналукааша ауаажәларра-политикатә усзуҩы, аҵарауаҩ, Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа Ахада, Аҧсны Афырхаҵа Муса (Иури) Магомед-иҧа Шанибов иҧсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи, ҳаиашьаратәи ҟабарда жәлар, адыгаа зегьы.  
Иара ихьӡ аидеал ҳаракқәа, ахақәиҭра, ақәнага иадҳәалоуп, уи Аҧсны иқәынхо ауааҧсыра зегьы рзы аҵак ду амоуп.

Муса шанибов ибзоураны аиҭаҿиара иалагеит Кавказ ашьха аҩ-ганк рыҟны наҟ-ааҟ аиашьара зыбжьоу ажәларқәа реиҿцаара, реимадара.

Ахә ашьара уадаҩуп Муса Магомед-иҧа дызхагылаз Кавказ ажәларқәа рконфедерациа алагаламҭа 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаҧхралатәи агәыҧқәа реиҿкаараҟны. Иара иҟаиҵаз ааҧхьарала Аҧсны ахақәиҭразы аибашьраҟны ацхырааразы иааит шәҩыла Ҟабарда, Адыгьеиа, Ҟарачы-Черқьесиа, Чечентәыла, Уаҧстәыла аибашьцәа. Муса Шанибов иаҧшьгарала Гәдоуҭа иаҧҵан Аҧсны ацхыраара иазкыз Кавказ ажәларқәа рконфедерациа. Ҳара ҳашьцәа рҿаҧхьа шәашьа змам ауал ҳақәуп.  

Иахьа Аҧсны Муса Магомед-иҧа иуацәеи иҭынхацәеи рхьаа рыцеиҩаҳшоит, ҳрыцгәырҩоит".


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org