Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Вадим Красносельски ииубилеи идныҳәалара

14.04.2020

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски иубилеи идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Вадим Николаи-иҧа!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи.  

Шәыҧсҭазаараҟны акрызҵазкуа ари аамҭа алагамҭа ҿыцқәа, аартрақәа, аиааира дуқәа рхацыркра иазкхоит.  

Агәра згоит, Шәара шәҧышәа, шәдырра ҵаулақәа, ишәымоу аҳаҭыр шәтәыла аҧхьаҟатәи аҿиареи Аҧсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи ирыбжьоу аусеицура арҭбаареи ишрыцхраауа.

Ҳаҭыр зқәу Вадим Николаи-ҧа, гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит хҭыс бзиала, рҿиаратә еихьӡарала, аиааира дуқәа рыла иҭәу ақәранҵыра ду».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org