Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада инапынҵақәа назыгӡо инапы аҵаиҩит коронавирустә ҿкы ачымазара ахьазгәаҭоу атәылақәа рыҟнытә иааз атәылауаа рзы акарантин апунктқәа реиҿкааразы Адҵа

31.03.2020

Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба инапы аҵаиҩит коронавирустә ҿкы ачымазара ахьазгәаҭоу атәылақәа рыҟнытә иааз атәылауаа рзы акарантин апунктқәа реиҿкааразы Адҵа.

Адҵа атекст аҟны иҳәоуп:

«Аҧсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи аминистрреи  Акурортқәеи атуризми рзы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилаки, Аҟәа ақ.  администрациеи араионқәеи рхадацәа рыцхыраарала еиҿыркааит коронавирустә ҿкы ачымазара ахьазгәаҭоу атәылақәа рыҟнытә иааз, иара убас коронавирустә ҿкы ачымазаразы зыгәҩара ыҟоу акарантин ахь ишьҭхо атәылауаа рҽыҧхьакразы аҭыҧқәа:

- Гагра араион –  аҧсшьарҭа ҩны «Ҧсоу»;
- Гәдоуҭа араион – апансионат «Черноморец»;
- Аҟәа ақ. – атуристтә сасааирҭа «Аиҭар»;
- Очамчыра араион – ақәҧареи абокси рзы аспорттә школ «Абырлаш»;
- Гал араион – «Акультура Ахан» аҟны.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org