11.02.2020
Жәабранмза 10 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Бганба.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Валери Ермеи-иҧа!
Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳалоит Шәымшира.
Шәара ишәымоу азанааҭтә, аҧсҭазааратә ҧышәа, аполитики аҳәынҭқарратә усзуҩи идырра шәхы иархәаны, принципла атәылауаҩратә позициа ақәныҟәарала рыӡбара шәаҿуп шәҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәа. Ҳҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи рыҟны иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩык иаҳасабала Шәара шәлагала ахә ашьара уадаҩуп.
Абри аныҳәамш азы ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, анасыҧ шәыҩнаҭаҿы, ишәзааигәоу рыла!».