Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Анатоли Бибилов ииубилеи идныҳәалара

06.02.2020

Жәабранмза 6 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Алада Уаҧстәыла Ареспублика Ахада Анатоли Бибилов Имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Анатоли Илиа-иҧа!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи.

Хамеигӡарада Аҧсадгьыл амаҵураҟны Шәара шәхы иашәырхәо шәдыррақәа, шәҧышәа, шәыпрофессионализм ҿырҧшы бзианы иҟоуп игыло абиҧарақәа рзы.
Агәра згоит наҟ-ааҟ ҳажәларқәа реизҳазыҕьара хықәкыс измоу, аиашьара зыбжьоу ҳтәылақәа реимадара есааира амҽхак шыҭбаахало, аҧхьаҟагьы ҩ-ганктәи аусеицура арҕәҕәара ишацхраауа.

Ҳаҭыр зқәу Анатоли Илиа-иҧа, азин сышәҭозар, ишәзеиҕьасшьар сҭахуп агәабзиара, аихьӡарақәа аҭакҧхықәра ду зцу аҳәынҭқарратә маҵзураҟны».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org