Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура «Аԥсныпресс» аиубилеи иазкны анапхгареи аколлективи рыдныҳәалара

31.01.2020

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аҳәынҭқарратә маҵзура «Аԥсныпресс» анапхгареи аколлективи 25 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Рената Закан-иԥҳа!

Шәара аҧхьа шәнаргыланы, шәколлектив зегьы гәык-ԥсыкала ирыдысныҳәалоит аинформациатә маҵзура «Аԥсныпресс» ашьақәгылара амш!

Аинформациатә массатә хархәагақәа аҭыԥ хада ааныркылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаажәларра рыԥсҭазаараҿы. Шәара шәусураҿы аҵак ду аархәо иалагеит шәҟазареи шәыпрофессионализми инарҷыданы, адоуҳатә принципқәа рықәныҟәара.

Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп аԥхьаҟагьы Аԥсны атәылауаа актуалтә ажәабжьқәа рыла еиқәзыршәо аинформациатә система аҿиара алзыршо есҽнытәи шәусуразы.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, еицамкуа агәамч, арҿиаратә еихьӡарақәа».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org