Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада ин.н. аилацәажәара мҩаҧигеит аҳәынҭқарратә напхгара ихадоуи аҭыҧантәии аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны

15.01.2020

Ажьырныҳәамза 15 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аҳәынҭқарратә напхгара ихадоуи аҭыҧантәии аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит.

Валери Бганба иазгәеиҭеит Ахада изинмчқәа шьҭеиҵаанӡа ирыдыркылаз анормативтә-зинтәқәеи егьырҭ актқәа зегьи шҵабыргу, урҭ харҭәааны рынагӡарагьы шаҭаху.

«Аҳәынҭқарратә напхгара аусбарҭақәа зегьи урҭ ирыҵанакуа аусҳәарҭақәеи анаплакқәеи неилымхрада абжьааҧнытәи арежим ала аус рулароуп ихарҭәаау аҳәынҭқарратә ҧсҭазаара алыршаразы», – иҳәеит иара.

Ахада ин.н. ирылеиҳәеит иара убас Аҳәынҭқарратә напхгара аусбарҭақәа зегьы акрызҵазкуа уснагӡатәны ишрыду Аконституциа ишьақәнаргылаз аҿҳәара инақәыршәаны, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рымҩаҧгаразы аҭагылазаашьақәа раҧҵара. Иара убас иаҵшьны иҳәеит, аусбарҭақәа Аиҳабыра русура анормақәа инрықәныҟәаны, 2019 шықәсазтәи русура аихшьалақәа рыҟаҵареи Аиҳабыра реилатәарақәа рыҟны азыӡырҩразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаарахьы аҳасабырбақәа рнагара шрыду.

Ахада ин.н. Валери Бганба иара убас Аҟәа ақалақьи араионқәа радминистрациақәа рхадацәеи дырҧылеит.

Валери Бганба аҭыҧантәи администрациақәа рхадацәа ирыдиҵеит ақыҭатә администрациақәа рхадацәа рыҟнытә активқәа реизгареи ареспублика ауааҧсыра рзинқәеи ргәазыҳәарақәеи рынагӡаразы абжьааҧнытәи аусура амҩаҧгара.

Аилацәажәара иалахәыз алацәажәеит иара убас аҭыҧантәи ахаланапхгара адепутатцәа ралхрақәа имҩаҧысраны иҟоу Ахада иалхрақәа рыҿҳәара ҳасаб азуны, ҧхынҷкәынмза аҩбатәи азбжахь рынаскьагара азҵаара.

«Аҭыҧантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа рахь алхрақәа рзы» 28.12.2006 аҟн. Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахы II ахәҭаҷ 5 инақәыршәаны алхрақәа рылеиҳәоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, аусбарҭақәа рзинмчқәа рыҿҳәара анҵәара ҩымз шагу.

Азакәан арҽеирақәа ралагалара аҳасабала алхрақәа ррыцхә ахгаразы аҧшьгара Валери Бганба хара имгакәа инашьҭуеит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org