Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Ақәҵара аднакылеит Ахада изинмчқәеи инапынҵақәеи рынагӡара аҧыза-министр инапы анҵаразы

13.01.2020

Ажьырныҳәамза 13 рзы Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент изаамҭанытәим асессиа аилатәараҟны ирыдыркылеит Ақәҵара Ахада изинмчқәеи инапынҵақәеи рынагӡара Аҧыза-министр инапы анҵаразы.

Адокумент аҟны иҳәоуп:

«Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада азеиҧшмилаҭтә ҳәоуеиқәшәареи аҳәынҭқарра аҭышәынтәалареи реиқәырхара хықәкыс иҟаҵаны, 2020 шықәса ажьырныҳәамза 12 аҟнытә иҟаиҵаз ааҧхьара шьаҭас иаҭаны, Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент иақәнаҵоит:

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 66, ахәҭаҷ 67 ахәҭа 1 инарықәыршәаны, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ҿыц далххаанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада изинмчқәеи инапынҵақәеи рынагӡара инапы ианҵазааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр Бганба Валери Рамшьыхә-иҧа. Абри Ақәҵара амч аиуеит иара анрыдкылаха аҽны инаркны».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org