Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада аоппозициа ахаҭарнакцәа Алхас Кәыҵниеи Аслан Бжьаниеи дырҧылеит

12.01.2020

Ахада иофициалтә резиденциаҟны Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Рашид Нургалиев ибжьаҟазарала Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи аоппозициа ахаҭарнакцәа Алхас Кәыҵниеи Аслан Бжьаниеи  реиҿцәажәара мҩаҧысит.  

Аиҧылара иалахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыҧуаҩ Аслан Барцыци Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылбеи.

Аиҧылараан ирылацәажәан атәылаҟны иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьеи уи алҵразы мҩақәас иҟоуи. Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит аганқәа азинтә ҳәаақәа ирҭымҵыр шакәу, раҧхьа иргыланы, азеиҧшмилаҭтә ҳәоуеиқәшәаразы, аидыслара алмыршаразы. Абри инамаданы, еиҭа алхрақәа рымҩаҧгареи ҿыц иалххо Ахада имаҵурахьы инеиреи рҟынӡа «Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада изы» Азакәан аҧҟарақәа рықәныҟәара шаҭаху.

Аоппозициа аҧхьагылаҩцәа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ргәы шамырҭынчуа, ахылаҧшрагьы уадаҩхар шалшо атәы рҳәеит. 

Рашид Нургалиев аганқәа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҭынч мҩала аҭышәныртәаларазы алшарақәа зегьы рхы иадырхәарц азы ааҧхьара риҭеит.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org