30.12.2019
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Алада Уаҧстәыла Ареспублика Ахада Анатоли Бибилов Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Анатоли Илиа-иҧа!
Ишәыдысныҳәалоит ҳазҭало Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи!
Иҟалааит 2020 –тәи ашықәс шәгәыҕра дуқәа рынагӡара, шәнапы злашәкуа аус бзиақәа, аизҳазыҕьара, аҭышәынтәалара ирышықәсны.
Гәахәарала иазгәауҭартә иҟоуп, ҳажәларқәа шәышықәсала иаарго ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа шьаҭас измоу Аҧсни Алада Уаҧстәылеи ирыбжьоу зыҩаӡара ҳараку аполитикатәи асоциалтә-економикатәи усеицура есышықәса аҕәҕәахара иахьаҿу.
Ҳаҭыр зқәу Анатоли Илиа-иҧа, гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа, Уаҧстәыла ажәлар зегьы ирзеиҕьасшьоит аҭынчра, аизҳазыҕара».