27.12.2019
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Допуа Г.Х. «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара ианашьаразы.
Аусҧҟа атекст аҿы, ҷыдала, иҳәоуп:
«Амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧараҿы, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рырхынҳәраҿы иааирҧшыз алшамҭақәа рзы Гиви Хонел-иԥа Допуа ианашьазааит «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара».