25.12.2019
Ҧхынҷкəынмза 25 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аҳазалхратә усбарҭақәа русура иазкыз аилацәажәара мҩаҧигеит.
Ахада Аиҳабыра ирыдиҵеит 2020 шықәса актәи аквартал ахыркәшараҟынӡа аҳазалхратә усбарҭақәа русура арҿыцра иазку ҩышықәса ҿҳәарас измоу апрограмма апроект азырхиара.
Апрограммаҟны иазҧхьагәаҭахоит аҳазалхратә аужьратә пунктқәа рматериалтә-техникатә еиқәыршәара, аамҭала аҵәахразы ашьҭаҵарҭақәа рыҟаҵара, аконтроль ҟаҵаразы атехникатә хархәагақәа ралагалара, аҳаза-логистикатә терминалқәа рыргылара.
Ахада иазгәеиҭеит ҳаамҭазтәи аматериалтә-техникатә лшарақәа раҧҵара аҭахны ишыҟоу аҳазалхратә усбарҭақәа русура ахаҭабзиара ашьҭыхреи аҳазалхратә еиқәыршәареи аҳазалхратә гәаҭареи рхаҭабзиара аиҕьтәреи рзы.