Ахада Аҟəа ақалақь администрациа ахада инапынҵақəа назыгӡо Кан Кəарҷиа аколлектив дыдирдырит

Ахада Аҟəа ақалақь администрациа ахада инапынҵақəа назыгӡо Кан Кəарҷиа аколлектив дыдирдырит

Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟəа ақалақь администрациа ахада инапынҵақəа назыгӡо Кан Кəарҷиа аколлектив дыдирдырит.

Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Беслан Барцыц Аҟəа ақалақь администрациа ахада инапынҵақəа назыгӡо изы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада иҟаиҵаз Аусҧҟа даҧхьеит.

Ахада Рауль Ҳаџьымба иаҵшьны иазгəеиҭеит ақалақь ахаҿра есааира ишеиҕьтәтәу.

«Аиҭакрақəа аҭахуп. Сгәыҕуеит, анапхгара ҿыц ирылшо зегь ҟарҵоит ҳәа ҳақалақь ахаҿра аиҕьтәразы. Азҵаарақəа рацәоуп, ақалақь ацқьара инаркны афымцамчы атема аҟынӡа, ӡыла аиқəыршəара, акыр шықəса раахыс азакəантə шьаҭа змам аргыларақəа, урҭ аҭыҧ рыман егьырҭ ашықəсқəа рзы иҟаз анапхгаҩцəа рхаангьы. Анапхгаҩы инаиркны аӡәгьы акагьы ианажьхаӡом. Ақалақь, егьырҭ ҳраионқəеи ҳақалақьқəеи рбиуџьет аасҭа акыр еиҳау, ареспубликатə биуџьет ахь ацхыраара иамыҳəаразы аусқəа еиҿкаатəуп. Ақалақь хымҧада аҽаҧсахроуп», - иҳəеит Ахада.

Ахада иара убас Аҟəа ақ. администрациа ҧасатәи ахада иусуразы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

Кан Кəарҷиа Ахада ҭабуп ҳəа иеиҳәеит ииҭаз агəрагаразы.

«Иҭабуп исышәҭаз агəрагара ду азы. Сусуреи аколлектив аусуреи рыла иҟоу алшара аарҧшра, ашьҭыхразы исылшо зегьы ҟасҵоит. Ҳарҭ ҳхы иаҳырхəоит афинанстəи ауааҧсыреи рылшарақәа ҳауаажəлар рыбзазара аиҕьтəразы. Сгəы иаанагоит ауаа ҳаилыркаап, иҳадгылап ҳəа», - азгәеиҭеит иара.


Возврат к списку