Ахада Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр изы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит

Жьҭаарамза 14 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр изы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит.

Аусҧҟа атекст аҟны иҳәоуп:

1. «Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министрс даҭазааит Бганба Валери Рамшьыхә-иҧа.
2. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр закәанла ишьақәыргылоу аҧҟара ала Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара ашьақәгылашьеи хаҭалатәи аилазаареи рзы ажәалагала азирхиааит».


Возврат к списку