Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аминистрцәа реилазаара аҧхьатәаразы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит

10.10.2019

Ахада Аминистрцәа реилазаара аҧхьатәаразы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит

Жьҭаарамза 10 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада изы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан 11-тәи 12-тәи ахәҭаҷқәеи «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара (Аиҳабыра) азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Закәан 6-тәи ахәҭаҷи инарықәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара аҧхьатәаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада изы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан 11-тәи 12-тәи ахәҭаҷқәа инарықәыршәаны «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара (Аиҳабыра) азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан 6-тәи ахәҭаҷи инықәныҟәаны змаҵураҟны инеиз Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иҿаҧхьа знапынҵақәа шьҭазҵаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара официалла аилатәара мҩаҧигеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба.

Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы еицыӡбаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара рнапынҵақәа шышьҭарҵо ала аҳәамҭа рыдыркылеит. Уи Аԥыза-аминистр Валери Бганба инапы аҵаҩны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадарахьы официалла змаҵурахьы инеиз Рауль Ҳаџьымба инапы иаркын.

Ахада Аминистрцәа реилазаара ԥхьатәара рышьҭразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аусԥҟа атекст аҿы, ҷыдала, иҳәоуп:

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара (Аиҳабыра) азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Закәан 6-тәи ахәҭаҷи «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада изы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан 11-тәи 12-тәи ахәҭаҷқәеи инарықәыршәаны:

1.Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаараа пҳьатәара ишьҭызааит.
2. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара анапы ианҵазааит азинмчқәа рынагӡара Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазарра ҿыц шьақәыргылахаанӡа».

Аҳәынҭқарра Ахада Аминистрцәа реилазаара алахәцәа имҩаҧыргаз аусуразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Акритика жәпакы шыҟазгьы, ари Аԥсны Аминистрцәа реилазаара имҩаԥнагаз аусура маҷым. Арҭ ашықәсқәа зегьы аус зуаз, хаҭабзиарала зус назыгӡоз зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Иҟан аихьымӡарақәа, урҭ ҳҵәахуамызт, ҳара иазгәаҳҭон ҳаԥхьаҟа иҟаҵатәу шырацәоу, урҭ аҳасабтәқәа еиҳагьы ишыуадаҩқәоу атәы ҳҳәон. Ҳалшарақәа рыцҵаразы, реизырҳаразы иҳалшо зегьы шыҟаҵалатәу ҳазхәыцлароуп. Алшарақәа иҳамоугьы маҷӡам, ишақәнагоу ала аусура еиҿкаатәуп, урҭ алшарақәа ҳбиуџьет ахь инеиртә еиҧш. Аминистрцәа Реилазаара ҿыц аҿаԥхьа иқәгылоуп урҭ аҳасабтәқәа зегьы гәацҧыҳәарала рынагӡара. Ҳбиуџьет хаҳарҭәаалароуп, ҳҿаԥхьа иӡбатәны иқәгылоуп аҵак ду змоу аҳасабтәқәа. Ҳусушьа, ҳалшарақәа зеиҧшрахо еиҧш иҟалоит алҵшәақәагьы.
Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит имҩаԥыжәгоз аусуразы. Иааидкыланы уи ҳтәыла ибзианы ианыԥшит, исуверентәу, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргылара ацҵаразы аҭагылазаашьа ҳнаҭеит»,- иҳәеит Ахада.




Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org