Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада ихантәаҩрала имҩаҧысит Аминистрцәа реилазаара аилатәара

18.09.2019

 Ахада ихантәаҩрала имҩаҧысит Аминистрцәа реилазаара аилатәара

Цәыббрамза 18 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ихантәаҩрала имҩаҧысит аа-мызтәи аихшьалақәа рыла аплантә рбагақәа ирыдҳәалаз азҵаатәқәа ирызкыз Аминистрцәа реилазаара аилатәара.

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Беслан Ҵнариа адырра ҟаиҵеит аҳазалхратә шәахтәқәа рыла абиуџьет алагалақәа рҭагылазаашьазы.

«2019 шықәса рзы аа-мзы рыҩныҵҟала адәныҟахәаахәҭратә еикәшара амҽхак иартәеит 16,5 миллиард.мааҭ, уи иаҳхысыз ашықәс иаҿырҧшны уахәаҧшуазар 1,7 миллиард. мааҭ рыла еиҳауп. Аекспорт иартәеит 4 миллиард мааҭк, ҵыҧх уи -3,2 миллиард мааҭ ыҟан, аимпорт- 12,5 миллиард мааҭ, иаҳхысыз ашықәс азы- 11,6 миллиард мааҭ. Иаҳхысыз ашықәс иаҿырҧшны ҳахәаҧшуазар, атауареикәшара иазҳаит 11,6%. Иааизакны, аа-мзы ирылагӡаны иахыҧхьаӡалоу ашәатәқәа рыла аплан нагӡоуп 101,3%. Аекспорт азы аҳазалхратә баџьи - 94%, ИАА (НДС) -90% алаҳамҵозар, егьырҭ ашәатәқәа зегьы инархыҳәҳәаны инагӡоуп. ИАА (НДС) азы иарбаз аплан анагӡара залыршамхеит ганкахьала акцизтә аалыҵ анырра ахьанаҭаз иахҟьангьы,  уи абжьаратә хәыҧса 22 мааҭ арбахар акәызҭгьы, аха фактла 16 мааҭи 84 копеки иаҧсан»,- ҳәа азгәеиҭеит Беслан Ҵнариа. 


Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр ихаҭыҧуаҩ Геннади Арӡынба иҳәеит, араионқәа зегьы рыҟны, Гагреи Гәдоуҭеи алаҳамҵозар, аплантә рбагақәа шынагӡоу. Иара убасгьы иҳәеит ҳазҭоу амза анҵәамҭазы аплантә рбагақәа шынагӡахо.


Афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба аизара иалахәыз адырра риҭеит аҳәынҭқарратә биуџьет алагаламҭақәа рырбагақәа рзы.

«2019 шықәсазы зынӡа аа-мзы ирылагӡаны аҳәынҭқарратә биуџьет иаланагалеит 6 миллиардки 74 миллион мааҭ, ари ҵыҧх аасҭа 1 миллиардки 56 миллион мааҭи рыла еиҳауп. 2019 шықәсазы ахатә хархәагақәа ртәы ҳҳәозар,  аҳәынҭқарратә биуџьет иаланагалеит 3 миллиардки 169 миллион мааҭи, уи 226 миллион мааҭ рыла еиҳауп ҵыҧхтәи ашықәс иаҿырҧшны. 2019 шықәсазы аа-мзы ирылагӡаны Урыстәылатәи афинанстә цхыраара иабзоураны абиуџьет иаланагалеит 2 миллиардки 905 миллион мааҭи. Аа-мзы ирылагӡаны иааиз ахашәалақәа шеихаҳазгьы, аплантә рбагақәа ахьынамыгӡахазгьы ыҟоуп. Аа-мзы рзы ишьақәырҕәҕәаз аплантә рбагақәа рыҟнытә аҳәынҭқарратә биуџьет  ала иааизакны инагӡоу иартәоит 97%. 2019ш.-2018ш. нанҳәамзақәа еиҿҳарҧшуазар, ҵыҧх ҳара 70 миллион мааҭ рҟынӡа ҳзымхаӡеит. Цәыббрамзазтәи арбагақәа ҵыҧхтәи еиҧш иҟоуп, ҳгәыҕуеит ари амза нҵәаанӡа аҭагылазаашьа еиҕьхап ҳәа», - азгәеиҭеит Џьансыхә Нанба.

 Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит иарбан ҳәынҭқарратә усбарҭазаалак анапы иану аус ҭакҧхықәрала иазнеир шакәу:


«Алхрақәа нҵәеит, аҧхьаҟа аус улатәуп. Алхрақәа раҧхьа абиуџьеттә рбагақәа цәгьаӡамызт. Ацифрақәа, иахьа шәареи ҳареи иаҳбарҭоу, шаҳаҭра руеит ари амза аусура  акыр ишыҧсыҽу. Зегь ҳаилахан, зегьы аполитика рҽарҭеит. Аусурахь игьежьтәуп, дасу идҵоу аҭакҧхықәра наигӡар акәхоит».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org