Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Вадим Красносельски Рауль Ҳаџьымба Ахада имаҵурахьы иеиҭалхра идиныҳәалеит

10.09.2019

Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски ҭелла аицәажәараҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аҳәынҭқарра Ахада имаҵурахьы иеиҭалхра идиныҳәалеит.

Вадим Красносельски иҳәеит зус иазҟазоу, аҳәынҭқарратә усзуҩы Рауль Ҳаџьымба инапхгарала Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны ихацырку ганрацәалатәи аиҭакрақәа ишрыцҵахо.

 Вадим Красносельски иара убас Рауль Ҳаџьымба изеиҕьеишьеит агәабзиара, агәамч, Аҧсны рыжәлар рыхьӡала игәы иҭаку аусқәа зегьы рынагӡара


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org