Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Имҩаҧысит Рауль Ҳаџьымбеи Анатоли Бибилови ҭелла реицәажәара

26.08.2019

Нанҳәамза 26 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Алада Уаҧстәыла Ареспублика Ахада Анатоли Бибилов ҭелла диацәажәеит.

Рауль Ҳаџьымба Алада Уаҧстәыла Ахадеи ажәлари ирыдиныҳәалеит Алада Уаҧстәыла Ареспублика Жәларбжьаратәи азхаҵара амш.

«Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара аҭоурыхтә ӡбамҭа аднакылеит Алада Уаҧстәылеи Аҧсни разхаҵаразы. Нанҳәамза 26 ҳара ҳамзар аҟны ихадароу аныҳәақәа ируакны иҟалеит. Абри аныҳәа аҽны Шәаргьи Уаҧстәыла ажәлар зегьи ишәзеиҕьасшьоит аизҳазыҕьара, аҭынчра», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Анатоли Бибилов иара убас Рауль Ҳаџьымбеи Аҧсны жәлари ирыдиныҳәалеит акрызҵазкуа арыцхә, ари амш зхы иақәиҭу аҭынч ҧсҭазааразы азин азықәҧара зылшаз ҳаиашьаратә жәларқәа рфырхаҵареи рхачҳареи ирсимволны иҟалеит. Анатоли Бибилов аҳәынҭқарра Ахадеи Аҧсны ажәлари ирзеиҕьаишьеит аҭынчра, анасыҧ, аҧеиҧш бзиа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org