Хатәгәаҧхаралатәи аибашьҩы Имш иазку аофициалтә усмҩаҧгатәқәа

 Хатәгәаҧхаралатәи аибашьҩы Имш иазку аофициалтә усмҩаҧгатәқәа

Нанҳәамза 15 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Гәдоуҭа ақалақь аҟны хатәгәаҧхаралатәи аибашьҩы ибаҟа амҵан ашәшьҭаҵара ацеремониеи Хатәгәаҧхаралатәи аибашьҩы Имш иазкыз аофициалтә еизареи дрылахәын.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа рҵакы.

***

Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар, аибашьра аветеранцәа!

Ишыжәдыруеиҧш, иахьа Ҳаҧсадгьыл аҿы еицазгәарҭоит иналукааша ахҭыс – 1992-1993 шш. раан хатәгәаҧхарала иҳадгыланы иқәҧоз Аибашьҩы Имш. Арҭ ахҭысқәа ирымадоу адаҟьақәа наунагӡа иаанхоит ихьыҧшым Аҧсны аҭоурых иахәҭакны! Ҳаҧсадгьыли ҳлахьынҵеи ашәарҭа ианҭагылааз аамҭазы шәҩыла арахь иааз ҳашьцәа, ҳҩызцәа ҳажәлар ргәы шьҭырхит, идырҕәҕәеит ҳақәҧара ахыҧша, амҽхак! Ҳара иаҳуалҧшьоуп аринахысгьы ихьӡырҳәагоу абри афырхаҵаратә ҭоурых аӡыргара, уи ҳмилаҭтә идеологиа иахәҭакны аҟаҵара!

Шәара, акыр иаҳзаҧсоу ҳашьцәа, шьхала шәхыҵны, иҟаз ауадаҩрақәа шәыриааины шәаҳзаауан шәҳадгыларц, адунеи зегьы иашәырбарц гәыҩбарада ақырҭуа агрессиеи авандализми шәшырҿагылоз.

Шәааит Кавказ ажәларқәа р-Конфедерациа, Жәларбжьаратәи Ачерқьестә еиҿкаара иҟарҵаз ааҧхьарала, Қырҭтәыла ишьаарҵәыроу арежим анапхгаҩцәа иаҧырҵаз аҧынгылақәа шәыриааины. Ҳара ибзианы иаҳгәалашәоит илахьынҵаӡбагаз урҭ амшқәа раан згәы еиҭамҧаз Кавказ аҵеицәа Иури Калмыков, Муса Шанибов, Иусуп Сосламбеков, Сулҭан Сосналиев, Адам Хуаде уҳәа убас егьырҭгьы ҳџьынџьуаа рахь рхы рханы фырхаҵарыла, ҟәыҕарыла иҟарҵоз ааҧхьарақәа. Аҧсуа архәҭақәа шәрылаҵәаны, жәҩахыреибыҭала ҳаибашьцәа шәнарыдгылеит усҟан Мраҭашәаратәи еиҧш, Мрагыларатәи афронтқәа рыҟны. Ацхыраара ҳарҭеит Ҟабарда-Балкариа, Адыгьеиа, Ҟарачы-Черқьесиа, Чечентәыла, Ингушетиа, Алада, Аҩада Уаҧстәыла, Даҕьысҭан. Абарҭ аамҭа хьанҭақәа раан ҳара даҽа аамҭанык еиҧшымкәа иаҳнырит аиҩызаратә Урыстәыла аганахьала апрогрессивтә уаажәларра, аинтеллигенциа иҳарҭаз адгылара. 

Ахә ҳаракны ишьатәуп аибашьра ашықәсқәа рзы Гәдоуҭа ақ. иҟаз Кавказ Ажәларқәа р-Конфедерациа аштаб имҩаҧнагаз аиҿкаара-идеологиатә усура.

Аҧсны ацхыраара азҭаз Хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа ргәыҧқәа имҩаҧыргаз аусура ахааназы ҳҳәынҭқарра аҭоурых еиҧш, Кавказ зегьы аҭоурых ҿыц хьтәы нбанла ианызаауаеит.

Ҳара аҧхьаҟагьы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит Аҧсны ахьчараҟны злагаламҭа дуу аибашьцәа-аветеранцәа реимадара арҕәҕәаразы. Ҳаиҩызаратә ҳәынҭқаррақәа рыбжьара ацҳақәа бжьаҵо, ҳзеиҧш иааира иреиҳаӡоу аиааирақәа рҵакы аҳҭалароуп. Ҿыц игыло абиҧарақәа идҳарбароуп иааирала иҳарҳаз, аҳатыреиқәҵара аҵас, ҳҭоурых, акрызҵазкуа уи адаҟьақәа реиҷаҳара, рызхӡыӡаара шаҭаху.

Рыхьӡ кашәара ақәымзааит зхатәгәаҧхарала иааны иҳацеибашьыз, Аҧсны Аҳәынҭқарра ахақәиҭреи ахьыҧшымреи зхы ақәызҵаз! Нагӡара ақәзааит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьчаҩцәа хьӡырҳәагақәа фырхаҵарыла иӡрыжәу Реидгыла! Иазҳалааит здацҧашәқәа ҵаулоу ҳаиҩызара, ҳаиашьара!

2 (2).JPG

2 (1).JPG

3.JPG


Возврат к списку