Ахада 1994 - 2008 шш. раан Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны абжьаҟазаратә миссиа назыгӡоз Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьар мчқәа рветеранцәа идикылеит

Ахада  1994 - 2008 шш. раан Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны абжьаҟазаратә миссиа назыгӡоз Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьар мчқәа рветеранцәа идикылеит

 Рашәарамза 21 азы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба 1994 - 2008 шш. раан Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны абжьаҟазаратә миссиа назыгӡоз Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьар мчқәа рветеранцәа идикылеит.

Аветеранцәа Аҧсны Аҳәынҭқаррахь иааит ИАР Аколлективтә мчқәа аҭынчра аиқәырхаразы имҩаҧыргоз абжьаҟазаратә операциа ианалагаз аахыс 25 шықәса аҵра инамаданы еиҿкаау аусмҩаҧгатәқәа рыҽрылархәразы.

Ахада асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, иазгәеиҭеит аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан абжьаҟазаратә мчқәа рмиссиа иамаз аҵак ду:

«Шәара ҳҳәынҭқарра ашьақәгылара анымҩаҧысуаз, акыр иуадаҩыз аамҭақәа рзы аҭынчреи ашәарҭадареи рышьақәыргылара шәацхраауан. Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит абжьаҟазацәа ара рыҟазаара. Уи аамҭазы шәҿаҧхьа иқәгылаз аҳасабтәқәа қәҿиарала инагӡан. Уи ҳара иаҳхашҭӡом. Рыхьӡ кашәара ақәымзааит змаҵура анагӡараан иҭахаз. Ҳусеицура иацаҳҵоит шьҭа аҭынчра иадҳәалоу азҵаарақәа рыҟны».

Арегионбжьаратә уаажәларратә еиҿкаара «Абжьаҟазаратә мчқәеи, аҭыҧантәи аибашьреи, аибашьратә еиҿагыларақәеи рветеранцәа рхеилак «Миротворец» ахеилак Ахантәаҩы аинрал-леитенант Алеқсандр Евтеев Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит аветеранцәа ирырҭо азҿлымҳаразы:

«Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳаруаа ирышәҭо азҿлымҳаразы. Ҳветеранцәа шәхашҭӡом. Аҧсуа жәлари аҳәынҭқарра анапхгареи ҳусеицура иарҭо ас еиҧш иҟоу ахәшьара ҳара ҳзы акраҵанакуеит».

Аиҧылара ахыркәшамҭаз Ахьӡ-Аҧша аорден ахҧатәи аҩаӡара ианашьан абжьаҟазаратә мчқәа рветеран, аполковник Константин Роот. Константин Роот аҳәынҭқарратә ҳамҭа ианашьоуп Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ашәарҭадареи акьымсреи ралыршара иазку абжьаҟазаратә ҳасабтәқәа ҿырҧшыганы рынагӡаразы.

 


Возврат к списку