Ахада Шоҭа Арсҭаа «Ахьӡ-Аҧша» аорден I аҩаӡара ианеишьеит

Ахада Шоҭа Арсҭаа «Ахьӡ-Аҧша» аорден I аҩаӡара ианеишьеит

Рашәарамза 13 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, аҭҵаарадырра аусхк аҟны Г.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Шоҭа Арсҭаа «Ахьӡ-Аҧша» аорден I аҩаӡара ианеишьеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Шоҭа Арсҭаа аҭҵаарадырра, амилаҭтә бызшәадырра, арҵара-ааӡара ус аҟны илагаламҭа ду.

«Шәара шәеихьӡарақәа дуӡӡоуп аҭҵаарадырраҟны, аҿар реиҵааӡараҟны, аҧсуа бызшәа аиқәырхараҟны, аҳәынҭқарра есқьынгьы ахә ҳаракны иашьон Шәара имҩаҧыжәго аусура. Сара агәра згоит шәаҧхьаҟа аҭҵаарадырраҟны иҵегьы ишәылшо шырацәоу. Ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, ақәҿиарақәа», - иҳәеит Ахада.

Шоҭа Арсҭаа аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

«Аҭҵаарадырраҟны аӡәы имацара илшо маҷуп, адгылара иҭахуп. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ас еиҧш аҳамҭа ҳаракы азы, уи сара сымацара сакәӡам, ҳҵарауаа зегьы, ҳинститутқәа ирызкуп. Зегьы ирылшо ҟарҵоит аҟнытә ари аҳамҭа зегьы иаҳзеиҧшуп», - иазгәеиҭеит Шоҭа Арсҭаа.


Возврат к списку