04.06.2019
Рашәарамза 4 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ҳтәыла иқәынхо аҧсылманцәа зегьы Ураза-Баирам рыдиныҳәалеит.
***
Ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаа!
Ишәыдысныҳәалоит Ураза-Баирам аныҳәа лаша.
Аҧсылманцәа зегьы рзы иҧшьоу Рамадан амза хзыркәшо ари амш, иацуп агәырӷьареи адинхаҵара арӷәӷәареи. Адунеи иқәынхо аҧсылманцәа абзиабареи арыцҳаибашьареи рыла иазгәарҭоит иара.
Ҳара ҳтәыла жәытә-натә аахыс еицырдыруеит адинеибачҳара атрадициақәа рыла. Ари аныҳәа лаша ҩныҵҟала аҽрыцқьареи, аиҩызареи аилибакаара арӷәӷәареи ирызкуп.
Ишәзеиӷьасшьоит зегьы агәабзиара, аҭынчра, аизҳазыӷьара!