27.05.2019
Лаҵарамза 27 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ахҵаразы Аусҧҟа.
Аусҧҟа атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ахореографиатә ҟазара арҿиареи аҧсуа культура аларҵәареи рыҟны рлагаламҭазы «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵазааит Очамчыра араион жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль «Ерцахә» асолистцәа:
Кәыҵниа Мака Ирадион-иҧҳа
Ҧиҧиа Даур Едуард-иҧа
Шинелиа Марина Қарбе-иҧҳа».