09.05.2019
Лаҵарамза 9 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 74 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа дрылахәын.
Аҳәынҭқарра Ахада Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын.
Ашәҭшьҭаҵара ацеремониеи Аиааира амш иазкыз амитинги рхыркәшара ашьҭахь имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра архәҭақәеи, Аҧсны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара афедералтә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа архәҭақәеи, "Ҧсра зқәым аполки" рколоннақәа официалла риасра.
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира амш иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Ахада Дәрыҧшь ақыҭаҿы имҩаҧысуаз аҽырыҩрақәа дырҭааит.
-