09.05.2019
Лаҵарамза 9 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира Амш идныҳәалеит.
Адныҳәаларатә текст аҟны, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу, Рауль Џьумка-иҧа!
Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәаргьы, иара убас Аҧсны иқәынхо ажәлар зегьы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 74 шықәса ахыҵра.
Ари амш азы ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит афашизм иаиааиз, ҳхырхәоит иҭахаз ргәалашәара аҿаҧхьа.
Ахааназы ҳхы-ҳгәаҿы иаанхоит рфырхаҵара, рыгәаӷьра, иаадырҧшыз аҧсадгьыл абзиабара.
Агәра згоит, ҳабацәеи ҳабдуцәеи иаҳдырбаз аиашьаратә еиҩызареи, аидгылареи рҵас аринахысгьы урыстәыла-аҧснытәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара шьаҭас ишаиуа.
Аҳәара ҟасҵоит, шәтәыла иқәынхо аветеранцәа сыхьӡала шәрыдныҳәаларц, агәабзиареи, ақәранҵыреи, аҭынчреи, аизҳазыӷьареи рзеиӷьашәшьарц».