Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аџьынџьтəылатə еибашьра ду аҟны Аиааира амш азы адныҳəалара

09.05.2019


Лаҵарамза 9 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аветеранцəеи Аҧсны жәлар зегьи ирыдиныҳəалеит 1941-1945 шш. рзы Аџьынџьтəылатə еибашьра ду аҟны Аиааира амш. 

***
Акыр иаҧсоу аветеранцəа! Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Гəык-ҧсык ала ишəыдысныҳəалоит Аџьынџьтəылатə еибашьра ду аҟны Аиааира 74 ш. ахыҵра амш ныҳәа ду. Иахьа ҳара ҳаҭырқәҵаралеи гəадуралеи иаҳгəалаҳаршəоит хамеигӡарала адунеитə нацизм иаҿагыланы жәларызегьтәи ақәҧара иалахәыз зегьы. 

Аиааира аагара ус имариамызт. Миллионҩыла ауаа  ршьа азкаҭəан. Аибашьра афронтқəа рҿы  хацәынмырха аҕа бааҧс иҿагыланы иқəҧоз, иара убас атыл аҟны афырхаҵарыла аџьа збоз ирыбзоураны иахьа ари амш азгәаҳҭоит.  
Асовет жəлар рхақəиҭратə еибашьра аҭоурыхтə хроникаҿы иаҧсоу аҭыҧ ааннакылоит Аҧсны Аҳəынҭқарра. 55 нызқьҩык инареиҳаны Аҧсны аҵеицәа Асовет Ари Арра-мшынтə флоти рахь ирыҧхьеит. 17, 5 нызқьҩык Аҧсадгьыл ахьчаҩцəа аибашьраҿы иҭахеит. 

Ҳара иаҳуалҧшьоуп - ҳаибашьцəа ргəымшəареи, рфырхаҵареи, рыгəаҕьреи ртәы хашҭра рықәымкәа ҿыц игыло абиҧарақəа рымадара. 

Акыр иаҳзаҧсоу ҳветеранцəа! Ишәзеиҕьасшьоит агəабзиара, агәамч, ақəранҵыра ду, Аҧсны жəлар зегьы аҭынчреи аизҳазыҕьареи!


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org