Ахада агазеҭ «Аҧсны» аредактор хада дидикылеит

Ахада агазеҭ «Аҧсны» аредактор хада дидикылеит

 

Жәабранмза 27 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба агазеҭ «Аҧсны» аредактор хада Енвер Ажьиба дидикылеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Енвер Ажьиба идиныҳәалеит агазеҭ «Аҧсны» 100 шықәса ахыҵра арыцхә.

Агазеҭ «Аҧсны» 100 шықәса ахыҵра – ҳҳәынҭқарразы акрызҵазкуа рыцхәуп. Ҳарккаҩ ду Дырмит Гәлиа ибзоурала иҭыҵуа иалагаз раҧхьаӡатәи аҧсуа газеҭ адаҟьақəа рҿы еиҭаҳəан акультуратә, аекономикатә, аполитикатə хҭысқəа. Агазеҭ «Аҧсны» ибзианы ианыҧшуан ҳмилаҭ-хақəиҭратə қəҧараан иҵарны иқәгылаз азҵаарақəа», - ҳəа азгəеиҭеит Ахада.

Енвер Ажьиба Ахада иҭабуп ҳəа иеиҳəеит аамҭа ҧшааны идкылара ахьалиршаз.

«Иахьа ииашаҵәҟьаны акьыԥхь аусзуҩцәа ҳаиԥш, АИХ зегьы русзуҩцәа иҳамшныҳәа дууп. Иара убас ҳажәлар зегьы ирныҳәа дууп. Ҳаԥхьа ишьҭоу аус дуқәа ҳдыруеит. Шәхаҵгылара ҳныԥшуеит», - иҳəеит агазеҭ «Аҧсны» аредактор хада Енвер Ажьиба.

Ахада агазеҭ Аҧсны арҿиаратə еилазаара аихьӡара ҿыцқəа рзеиҕьеишьеит. Агазеҭ «Аҧсны» иара убас акомпиутертә техника аахәаразы афинанстә цхыраара аҭоуп.


Возврат к списку