25.02.2019
Жәабранмза 25 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аделегациа идикылеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсни Урыстәылеи ашәҟәыҩҩцәа рыбжьара аимадара арӷәӷәара хықәкыс измоу, Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аделегациа иаланы иааз асасцәа аҧсшәа реиҳәеит.
"Ҳарҭ жәытәаахыс ҭоурыхла ҳаимадоуп. Ҳарҭ ҳәынҭқаррак аҿы ҳанхон, ҳарҿиарагьы ҳәынҭқаррак аҟны имҩаҧысуан. Ҳәарада, ҳара ҳаизыҟазаашьақәа аҧхьаҟагьы аҿиара роуроуп. Сара иҭабуп ҳәа шәасҳәоит абас еиҧш иҟоу аҧшьгара шәыманы ҳтәыла шәахьаҭааз, иахьа ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳпублицистцәеи шәахьрылагылоу.
Шәара Аҧсны шәыҟазаара аҧсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа 145шықәса ихыҵра арыцхә иақәшәеит. Иахьа, аамҭа уадаҩ аан иара дызлагаз аус узықәгәыӷша анапқәа рҿы иҟоуп ҳҳәар ҳалшоит.
Ҳара Аҧсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аҧхьаҟагьы иҿиалар ҳҭахуп. Гәык-ҧсыкала ишәзеиӷьасшьоит шәусураҿы ақәҿиарақәа», - иҳәеит Ахада.
Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла Ахантәаҩы Николаи Иванов Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз адкыларазы.
«Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҟны даара иаҳҭахуп зхатә стиль змоу, збызшәа ҧшӡоу Аҧсны ашәҟәыҩҩцәеи ҳареи ҳаимадарақәа еиҭашьақәыргылазарц. Ҳара еилаҳкаауеит аамҭаказы ҳаимадарақәа шыҧсыҽыз, аха урҭ ырӡӡамызт. Уажәы Краснодартәи ашәҟәыҩҩцәа реиҿкаареи Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи русеицуразы аиқәшаҳаҭра иаҵаҩуп. Аус руеит Москвеи Аҟәеи реиҭагаҩцәа, ицәырҵит еиҭагоу ашәҟәқәа, уи ҳара агәахәара ҳнаҭоит. Ҟарачы-Черқьесиеи Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа аимадара бзианы ирыбжьоуп», - иҳәеит Николаи Иванов.