Владимир Путин Аҧсадгьыл ахьчаҩ Имшира идныҳәалара

Жәабранмза 23 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада   Владимир Путин Аҧсадгьыл ахьчаҩ Имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Жәабранмза 23  – Аҧсадгьыл ахьчаразы зуалҧшьа ҳараку, зыҧсҭазаара ҵакыс иаиуз ауаа ирныҳәоуп. Урыстәыла ахаангьы апатриотизм атрадициақәа рыла, Аҧсадгьыл амаҵурала иҕәҕәан. Абри амш аҽны ҳара ҳаҭырла рыхьӡ ҳҳәоит иахьа Арбџьар Мчқәа рыҟны змаҵура иахысуа реиҧш, аветеранцәагьы, иара убас ҳхырхәоит зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳгәаларшәо. 

Урыстәылатәи Афедерациа аррамаҵурауаа руалҧшьа нарыгӡоит еиуеиҧшым атәылақәа рыҟны, убарҭ рыҩныҵҟа иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқаррагьы.  Хьӡы-ҧшала аррамаҵура иахысуеит ҳтәылаҟны   ашәарҭадареи аҭынчреи рыхьчаразы игылоу 7-тәи арратә база архәҭа. Урҭ Аҧсны адгьылҵакыраҟны рыҟазаара иаҳәоит Урыстәыла ҳадгьыл аҟны ашәарҭадара аиқәырхара ишахылаҧшуа, ҳтәылақәа рыбжьара астратегиатә еиҩызареи аҭынчра аиламгареи русхк аҟны имҩаҧысуа аусеицуреи ртәы.

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа, гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, Урыстәыла аҳәынҭқарреи ажәлари  рымаҵураҟны аихьӡарақәа, аиашьара ҳзызуа Урыстәыла ажәлар – аҭынчреи аизҳазыҕьареи». 


Возврат к списку