22.01.2019
Ажьырныҳәа 21 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба агәабзиарахьчара азҵаарақәа ирызкны аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, агәабзиарахьчара аусбарҭақәа рганахьала атәылауаа иаадырԥшуа агәынамӡарақәа ртәы.
«Амедицина аганахьала егьырҭ атәылақәа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы ҳаспециалистцәа рыҩаӡара шыҳараку азгәарҭоит. Аха убри аан, мап ацәктәым ишыҟоу агхақәеи, ауадаҩрақәеи. Аҵыхәтәантәи аамҭазы имаҷымкәа агәынамӡарақәа шыҟоу саҳауеит. Ахәшәқәа рыҭира иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара ҳаҿуп. Избан, ахәышәтәырҭақәа ирыдҵаало ҳара ҳауаажәлар, аҳақьымцәа иаадыртуа рхатәы аԥҭекақәа рҿы изаархәо?» - ҳәа дазҵааит Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада ари аҭагылазаашьа арҽеиразы Агәабзиарахьчара аминистр адҵа ииҭеит. Ахада, иара убас Апрокуратура хадеи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи рнапы ианиҵеит инҭырҳәыцааны агәаҭарақәа мҩаԥыргарц.
«Иҳауа ахәшәқәа зегьы еиԥымкрада ахәышәтәырҭақәа рахь инеироуп. Урҭ ахархәара шрыҭоу азы ахылаԥшра мҩаԥгатәуп. Апрокуратура хадеи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи инҭырҳәыцааны агәаҭарақәа мҩаԥыргароуп. Уахь иаҵанакуеит ахәышәтәыгатә хархәагақәа зегьы, иара убас уи аусура шеиҿкааз, ишҳәаақәҵаз»,- инаҵшьны иазгәеиҭеит Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада, иара убас Аминистрцәа реилазаара рнапы ианиҵеит агәабзиарахьчаразы азакәан ишахәҭоу еиԥш актқәа аус рыдыруларц, ишьақәдырӷәӷәарц.
Аиԥылара иалахәын Аԥыза-министр Валери Бганба, Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа, Афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба, Апрокурор хада Зураб Ачба, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба, Ареспубликатә хәышәтәырҭақәа рҳақьым хадацәа.