11.01.2019
Ажьырныҳәамза 11 рзы Ахада Боливариантәи Ареспублика Венесуелантәи иныҟәарақәа хыркәшаны Аԥсныҟа дхынҳәит.
Ажьырныҳәамза 10- 11 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Венесуелаҟа ивизит.
Николас Мадуро иҟаиҵаз ааԥхьарала, Рауль Ҳаџьымба Венесуела Ахада инапынҵақәа раанкылара иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын. Николас Мадура инапынҵақәа раанкылара иазкыз аусмҩаҧгатә иалахәын иара убас Алада Уаԥстәыла Аҳәынҭқарра Ахада Анатоли Бибилов, Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Илиас Умаханов зхадараҿы дыҟаз Урыстәылатәи Афедерациа аделегациа, Никарагуа Ахада Даниель Ортега, Куба Аҳәынҭсовети Аминистрцәа Рхеилаки рхантәаҩы Мигель Диас-Канель, Боливиа Ахада Ево Моралес, Сальвадор Ахада Санчес Серен, Ҭырқәтәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Фуаҭ Октаи. Венесуела Ахада имаҵзурахьы анеира иазкыз ацеремониа рхы аладырхәит 90 инареиҳаны аҳәаанырцәтәи аделегациақәа.