Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи ирызкыз адныҳәаларақәа еимырдеит

29.12.2018

Рауль Ҳаџьымба иҟаиҵаз адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа!

Аҧсны жәлари Аҧсны Аҳәынҭқарра анапхгареи рыхьӡала гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәа лашеи!
2018 шықәсазы аҧсны-урыстәылатәи аидгыларатә еизыҟазаашьақәа аусеицура акрызҵазкуаз ахырхарҭақәа рыҟны есааира ҵак ҿыцла ихаҭәаауа, лыҵшәа рыманы иааиҧмырҟьаӡакәа аҿиара иаҿын.
Агәра згоит, 2019 шықәсазы ҳҳәынҭқаррақәа реимадара арҕәҕәара, акырӡа зҵазкуа аусхкқәа рыҟны ҳусеицура арҵаулара, Кавказ иахьаҵанакуа аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи ирызку аусеицура ду ишацаҳҵо.
Азин сышәҭозар, даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп зхы иақәиҭу, ихьыҧшым ҳәынҭқаррак аҳасабала, Аҧсны Аҳәынҭқарра арҕәҕәареи аҿиареи рыҟны хаҭала Шәара шәлагаламҭа ду азы.
Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, аихьӡара ҿыцқәа, Урыстәыла жәлар зегьы – ахирра, аизҳазыҕьара».

Владимир Путин иҟаиҵаз адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Рауль Џьумка-иҧа,

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит ашықәсҿыцазтәии қьырсаныҳәазтәии аныҳәамшқәа.
Ҳазҭысуа ашықәс азы ҳара иазгәаҳҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Аҧсны Аҳәынҭқарра азханаҵеижьҭеи жәашықәса аҵра.
Агәра згоит, аидгылареи астратегиатә усеицуреи шьаҭас измоу аҧхьаҟатәи ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара ҳаиашьаратә жәларқәа рҭахрақәа ишрықәшәо, Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рырҕәҕәара ишазку.
Рауль Џьумка-иҧа, гәыкала ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, анасыҧ, аҳәынҭқарра ахада имаҵураҟны аихьӡарақәа, Аҧсны жәлар зегьы – аҭынчреи аизҳазыҕьареи».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org