Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Рауль Ҳаџьымбеи Анатоли Бибилови Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи ирызкыз адныҳәаларақәа еимырдеит

29.12.2018

Ҧхынҷкәынмза 29 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Алада Уаҧстәыла Ареспублика Ахада Анатоли Бибилови Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи ирызкыз адныҳәаларақәа еимырдеит.

Рауль Ҳаџьымба иҟаиҵаз адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:   

«Ҳаҭыр зқәу Анатоли Илиа-иҧа!

Гәык-ҧсыкала азеиҕьашьарақәа ацҵаны, ишәыдысныҳәалоит иааиуа Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи. 

Ашықәс ҿыц – аиҭакрақәа, аихшьалақәа рыҟаҵара, инагӡоу аусқәа рыхә ашьара, аҧхьаҟатәи агәҭакқәа разгәаҭара иаамҭоуп. Ишәзаанагааит лассы ҳазҭало 2019 -тәи ашықәс алшара ҿыцқәа, инаӡахааит шәхықәкқәа зегьы. 

Агәра згоит, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Алада Уаҧстәыла Ареспубликеи ирыбжьоу аҭоурых иҧнашәахьоу аиҩызара есааира ишыҕәҕәахо, аҿиара ишацҵахо ҳажәларқәа реизҳазыҕьара ахьӡала. 

Ҳаҭыр зқәу Анатоли Илиа-иҧа, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, аҭакҧхықәра ду зцу шәусураҟны аихьӡарақәа, Алада Уаҧстәыла ажәлар зегьы ирыгымзааит аҭынчра, ахирра, аизҳазыҕьара».

 Анатоли Бибилов иҟаиҵаз адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Рауль Џьумка-иҧа,

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит ҳазҭало Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи. 

Арҭ аныҳәақәа ахаангьы ирыдҳәалан агәыҕра бзиақәеи агәҭакқәа рынагӡареи. Иҟалааит 2019 -тәи ашықәс Аҧсны иқәынхо ауааҧсыра рзы аҭышәынтәалареи аизҳазыҕьареи ирышықәсны. 

Ҳаҭыр зқәу Рауль Џьумка-иҧа, ишәзааигәоу шәҭынхацәа, иара убас ҳаиашьаратә Аҧсны жәлар ирзеиҕьасшьоит агәабзиара, ахирра, аҭынчра».

   


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org