Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада «Ахьӡ-Аҧша» аорден занашьоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа риҭеит

27.12.2018

Ахада «Ахьӡ-Аҧша» аорден занашьоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа риҭеит

Ҧхынҷкәынмза 27 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа риҭеит «Ахьӡ-Аҧша» аорден занашьоу еиуеиҧшым аусхкқәа рыҟны иналукааша аусзуҩцәа.

***

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Традициала ишаԥу еиԥш, ашықәс ҿыц аламҭалазы еиуеиԥшым азанааҭқәа рҿы зықәҿиарақәеи зылшамҭақәеи дуу ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа ҳрыдныҳәалоит.

Ара иҟоуп аҵареи, аҭҵаарадырреи, агәабзиарахьчареи, аекологиеи,акультуреи, аспорти уҳәа ауаажәларраҟны зыхьӡ нагоу, ҳаҭыр зқәу иналукааша  аусзуҩцәа. 

Урҭ рахьтә аӡәырҩы рџьабааи реихьӡарақәеи ҳасаб рзуны, иранашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа.

Ҷыдала иалкаау рыҩныҵҟа иҟоуп иара убас аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, ҳтәылахьчара амаҵ азызуа ауаа.

Имаҷым ҳтәыла ахьӡ-аҧша ашьҭыхраҿы иалыршоу, иара убас иҟоуп макьана иӡбатәны ҳҿаҧхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа. Аха урҭ зегьы қәҿиарала инагӡахоит ҳажәлар рыҩныҵҟа ианыҟала аҳәоуеиқәшәара, акзаара.

Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәамч ӷәӷәа, аихьӡара ҿыцқәа! Ишәыдысныҳалоит досу шәџьабаақеи, шәылшамҭақәеи рзы ишәанашьоу аҳамҭа ҳаракқәа.


Ацеремониаҟны «Ахьӡ-Аҧша» аорден ранашьан:

1. Занҭариа Владимир Константин-иҧа

Аусҧҟа атекст аҟнытә:

«Ауаажәларра-политикатә ҧсҭазаара аҿиараҟны алагаламҭа дуи арҿиаратә усураҟны алшамҭақәеи рзы ианашьазааит Занҭариа Владимир Константин-иҧа «Ахьӡ-Аҧша» аорден II аҩаӡара».

2. Аҧхазаа Беслан Нури-иҧа

Аусҧҟа атекст аҟнытә:

 

«Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аҽыбҕаҟазара апропаганда азуреи аҿиареи рыҟны алагаламҭазы Аҧхазаа Беслан Нури-иҧа ианашьазааит «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара».       

3. Ашәба Ахра Нодари-иҧа

Аусҧҟа атекст аҟнытә:

«Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аҽыбҕаҟазара апропаганда азуреи аҿиареи рыҟны алагаламҭазы Ашәба Ахра Нодари-иҧа ианашьазааит «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара».     

4. Багаева Марина Гаврил-иҧҳа

Аусҧҟа атекст аҟнытә:

«Апедагогикатә усуреи, иеиҵагыло абиҧарақәа аҵара дырҵареи, реиҵааӡареи рыҟны алшамҭақәа рзы Гагратәи аҵара аҟәша аспециалист Багаева Марина Гаврил-иҧҳа иланашьазааит «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара».     

5. Багаҭелиа Борис Калодиа-иҧа

Аусҧҟа атекст аҟнытә:

«Аҧсны Аҳәынҭқарра абаҩрҵәыратә культуреи аспорти рырҿиараҟны алагаламҭазы Багаҭелиа Борис Калодиа-иҧа ианашьазааит «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара».    

6. Гәбаз Анна Алексеи-иҧҳа

Аусҧҟа атекст аҟнытә:

«Агәабзиарахьчараҟны шықәсырацәалатәи, лыҵшәабзиалатәи аусуразы Гәдоуҭа араион Жәандәрыҧшь ақыҭа афельдшер-акушертә пункт афельдшер Гәбаз Анна Алексеи-иҧҳа иланашьазааит «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара».

7. Дбар Беслан Андреи-иҧа

Аусҧҟа атекст аҟнытә:

«Аџьынџьуаа реимадара арҕәҕәараҟны илагаламҭази, арҵаҩратә усураҟни, иеиҵагыло абиҧара аҵара дырҵареи реиҵааӡареи рыҟны илшамҭақәеи рзы Дбар Беслан Андреи-иҧа ианашьазааит «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара».

8. Жьиба Роберт Шоҭа -иҧа

Аусҧҟа атекст аҟнытә:

«Амузыкатә ҟазара аҿиараҟны алагаламҭази еиҵагыло абиҧарақәа реиҵааӡареи рзы Ахәыҷтәы хореографиатә студиа «Иаирума» арҵаҩы Жьиба Роберт Шоҭа -иҧа, ианашьазааит «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара».

9. Кәарҷиа Нури Еремеи-иҧа

Аусҧҟа атекст аҟнытә:

«Жәлар рырҿиареи рмузыкатә фольклори раларҵәараҟны, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарреи Аҩадатәи Кавкази ркультуратә еимадарақәа рырҿиараҟны алагаламҭазы акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы Кәарҷиа Нури Еремеи-иҧа ианашьазааит «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара»

10. Малиа Лиудмила Владимир-иҧҳа

Аусҧҟа атекст аҟнытә:

«Акультура аусхк аҟны шықәсырацәалатәи, лыҵшәабзиалатәи аусуразы, аҭоурыхтә ҭынха аларҵәареи аиқәырхареи рзы Аҳәынҭқарратә усбарҭа «Н.А. Лакоба иҭоурыхтә-мемориалтә музеи» адиректор Малиа Лиудмила Владимир-иҧҳа иланашьазааит «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара»

11. Папасқьири Алеқсеи Луман-иҧа

Аусҧҟа атекст аҟнытә:

«Апедагогикатә усураҟны алшамҭақәа рзы, зыквалификациа ҳараку акадрқәа реиҵааӡараҟны алагаламҭазы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Папасқьири Алексеи Луман-иҧа ианашьазааит «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара»

12. Ҭарба Фиодор Ҭамел-иҧа

«Шықәсырацәалатәи, лыҵшәабзиалатәи аусуразы, иара убас ақыҭанхамҩа Аҭҵаарадырратә институт ааӡамҭа аҧҵараҟны алагаламҭа ду азы Ҭарба Фиодор Ҭамел-иҧа ианашьазааит «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара»

13. Цыгәба Вахтанг Закан-иҧа

Аусҧҟа атекст аҟнытә:

«1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҧсадгьыл аҿаҧхьа алшамҭақәа рзы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа рыҟны набыцра ақәымкәа, шықәсырацәалатәи амаҵзуразы Леон иорден занашьоу Цыгәба Вахтанг Закан-иҧа ианашьазааит «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара».

14. Цыгәба Игор Тычкәа-иҧа

Аусҧҟа атекст аҟнытә:

«Апедагогикатә усуреи, иеиҵагыло абиҧарақәа аҵара дырҵареи, реиҵааӡареи рыҟны алшамҭақәа рзы Цыгәба Игор Тычкәа-иҧа, А.Ш. Цыгәба ихьӡ зху Аацытәи абжьаратәи ашкол адиректор ианашьазааит «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара».

15. Чамагәуа Хараз Ҳаџьараҭ-иҧа иҭаацәа рхаҭарнакразы

Аусҧҟа атекст аҟнытә:

«Апедагогикатә усуреи, иеиҵагыло абиҧарақәа аҵара дырҵареи, реиҵааӡареи рыҟны алшамҭақәа рзы Чамагәуа Хараз Хаџьараҭ-иҧа ианашьазааит «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара (иҧсҭазаара иалҵра ашьҭахь)».

16. Екба Ианварби Али-иҧа

Аусҧҟа атекст аҟнытә:

«Аҭҵаарадырра аҳасабала аекологиа аҿиараҿы алагаламҭа ду азы, иара убас зыквалификациа ҳараку аҵарауаа реиҵааӡаразы академик Екба Ианварби Али-иҧа ианашьазааит аорден «Ахьӡ-Аҧша» III аҩаӡара».

2.jpg3.jpg


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org