Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аекологиеи аҧсабара ахьчареи рзы Аҧсны аҳәынҭқарратә екологиатә еилакы аҧҵара 25 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара

25.12.2018

Ҧхынҷкəынмза 23 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны аҳәынҭқарратә екологиатә еилакы аусзуҩцәа Аилак аҧҵара 25 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит. 



Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Аекологиеи аҧсабара ахьчареи рзы Аҧсны аҳәынҭқарратә екологиатә еилакы аҧҵара 25 шықәса ахыҵра амш.

Иааҳакәыршаны иҟоу алагылазаара аҧсабаратә лшарақәа қәнагала рхархәара алыршареи иахьа еиҳа иуадаҩу иактуалтәу ауснагӡатәқәа иреиуоуп. Аҧсны иуникалтәу аҧсабаратә лшарақәа аҧсуа уаажәларразы аҵак ду змоу мазараны иаанхоит. Сара агәра ганы сыҟоуп Аҧсны аҧсабаратә лшарақәа реиқәырхаразы ҳтәылуаа ирыду азеиҧш ҭакҧхықәра еилыркаауазароуп ҳәа.

Аҧсабаратә лшарақәа рганахьала ҳара ибеиоу тәылоуп. Уснагӡатә хаданы ҳҿаҧхьа иқәгылоуп – ҳамчқәа еидҵаны ҳтәыла абеиарақәа еиқәырханы аҧхьаҟатәи абиҧарақәа рызнагара.

Шәара шәзанааҭ ишәыднаҵоит аҭакҧхықәра дуӡӡа, иааҳакәыршаны иҟоу алагылазаара аусхк аҟны адырра ҵаулақәа, аҧышәа амазаара. Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп ҳтәыла аекологиатә шәарҭадара алыршаразы иҟашәҵо азы, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧсабаратә беиарақәа реиқәырхараан гәкажьрак ҟамҵакәа, иаашәырҧшуа ачҳаразы.

Ишәзеиҕьасшьоит шәнапы злаку аус агәрагара, агәамч, азанааҭтә еиҧш, аҧсҭазааратә гәҭакқәа рынагӡара. Аха зегь раҧхьа иргыланы, агәабзиара, анасыҧ дасу шәыҩнаҭақәа рыҟны!




Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org