Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахада афымцамчусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

22.12.2018

Ҧхынҷкәынмза 22 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба афымцамчусзуҩцәа ирыдиныҳәалеит Афымцамчусзуҩы имш.

***
Ҳаҭыр зқәу афымцамчтә усхк аусзуҩцәеи аветеранцәеи!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Афымцамч аусзуҩы имш! Афымцамч – аекономика ахәҭа хадақәа ируакуп. Уи шаҟа лыҵшәабзиала иҿио, уи иамоу аихьӡарақәа зеиҧшроу еиҧш ауп, абизнес аицлабралшарақәа, анхара-коммуналтә нхамҩа, атәылауаа рсоциалтә ҭагылазаашьагьы шыҟоу.

Шәара шәџьабаа аџьшьареи аҳаҭыри ирыҧсоуп. Имҩаҧыжәго аусураҿы излауала имаҷзааит шәызқәымгәыҕуа ауадаҩрақәа, амашәыр, аиҧҟьарақәа. Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ҳтәыла афымцамчтә комплекс ашьаҭа зкыз афымцамч аветеранцәа. Урҭ акыр шықәса раахыс хамеигӡарада амаҵ азыруеит иалырхыз азанааҭ, иахьагьы рҧышәа аспециалистцәа ҿарацәа рымадара иаҿуп.

Ишәзеиҕьасшьоит анасыҧ, агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа џьабаа рацәа зцу шәусураҿы. Ирыгымзааит шәыҩнаҭақәа аҧхарра, аҳәоуеиқәшәара, аҭынчра.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org