Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада усуратə визитла Урыстəылатəи Афедерациа даҭаауеит

21.12.2018

Ҧхынҷкəынмза 22 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба усуратə визитла Урыстəылатəи Афедерациа даҭаауеит.

Ахада Москва аусуратә еиҧыларақəа жəпакы мҩаҧигоит, иара убас, К.С. Станиславкии В.И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватəи академиатə Амузыкатə театр анапхгара иҟанаҵаз ааҧхьарала Амузыкатə театр 100 шықәса ахыҵра иазку аныҳəатə усмҩаҧгатə даҭаауеит. Агəырҕьаратə усмҩаҧгатə далалахəхоит Аҧсни Урыстәылеи Жəлар рартист, «Ахьӡ-Аҧша» аорден актəи аҩаӡара занашьоу Хьыбла Герзмава.



Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org